Арчил Ҭалакваӡе - Ҳара Евроеидгыла алаларазы иаҭаху ареформақәа рымҩаҧгара ҳазыхиоуп
«Евроеидгылашҟа аинтеграциа иазку арезолиуциаҿы еилыкка иарбоуп ҳара европатәи аҭаацәараҿы ишаҳҭыҧу», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент авице-спикер Арчил Ҭалакваӡе.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы иаҭаху ареформақәа рымҩаҧгара ҳазыхиоуп.
«Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара иалалароуп, ҳара ари апроцесс иацхрааша ареформақәа зегьы рынагӡара ҳазыхиоуп. Аоппозициаа рҳәамҭақәа сырзааҭгылар сҭахым, дара апартиатә интересқәа роуп ирымоу. Америкагьы Евроеидгылагьы аргама аҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла Украина ишадгыло, алабҿабара абас ауп ишыҟоу. Ҳпартниорцәа ҳрыдгыланы, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аибашьра излауа ала ирласны ихыркәшазарц азыҳәан. Ҳара иҟаҳҵо шиашоу агәра ҳгоит, Украина ҕәҕәала ҳадгылоит, европатәи аҽазышәарақәа ҳрызгәыкуп, ҳмилаҭтә интересқәа иазҧхьагәаҭаны аусура ҳаҿуп. Агәра ганы сыҟоуп арадикалтә оппозициа атәыла аҩнуҵҟа аилаҩынтәра еиҿыркаар шырҭаху», — иҳәеит Арчил Ҭалакваӡе.