«Аоппозициаа аоппозициас иҟазар рҭахым, абас ауп уажәазы аҭагылазаашьа шыҟоу, уи адемократиатә система даараӡа иаҧырхагоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе апарламент аусура иазку ашықәстәи аҳасабырба анцәыригоз.
Ҭалакваӡе ишиҳәаз ала, аоппозициаа реиҳара алхыҩцәа ргәазыҳәареи аполитикатә диалог аан ауаа ирырҭаз ақәыргәыҕрақәеи иазҧхьагәарымҭеит.
«Апарламент абаикот азуны, ауааҧсыра ирарҳәеит: ааи, шәара шәбыжьқәа ҳашәҭеит, аха ҳара аусура ҳҭахым. Ҳара аоппозициаҿы аҟазаара ҳҭахым, аха, ҳпартиақәа рзы аҧара ҳҭахуп. Абри аҩыза азнеишьа ииашам. Алхрақәа рыда аиҭакрақәа рымҩаҧгаразы ааҧхьара ҟарҵоит. Уи ҟалашьа амам — аӡәгьы азин иаҳҭом. Егьырҭ адемократиатә тәылақәа реиҧшҵәҟьа, ҳара ҳҳәынҭқаррагьы ишахәҭоу ала амчылара иақәҿнаҭуеит», — иҳәеит Ҭалакваӡе.