Ақырҭуа оппозициа ринформациа ала, уаҵәы анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа рҟны аиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд мҩаҧысуеит
Ақырҭуа оппозициа ринформациа ала, уаҵәы анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа рҟны аиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд мҩаҧысуеит

 

Ақырҭуа оппозициа ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, уаҵәы, анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа рҟны аиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд мҩаҧысуеит.

Ари атәы еилкаахеит  апартиа  «Лело» аофис аҿы иахьа аоппозициатә партиақәа имҩаҧыргаз аиҧылара ашьҭахь.

Иҳаҩсыз амшқәа рзы аоппозициатә партиақәа аиҿцәажәарақәа рҿы абжьацәажәара ҟазҵо ацҳаражәҳәаҩцәа ирырҭеит ажәалагалақәа зну адокумент. Зыӡбахәы ҳәоу ажәалагалақәа иреиуп атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгареи алхратә администрациа аҧсахреи.