«Ақырҭуа гәахәтәы» иаладырҵәаз асоциалтә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, Қарҭ Каха Калаӡе 66,2 наӡына имоуп, Никанор Мелиа - 33,8 наӡына
«Ақырҭуа гәахәтәы» иаладырҵәаз асоциалтә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, Қарҭ Каха Калаӡе 66,2 наӡына имоуп, Никанор Мелиа – 33,8 наӡына.
Аҭҵаарақәа цәыригеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ауаажәлар рҟны аимадаразы амаӡаныҟәгаҩ Шалва Папуашвили.
«Асоциологиатә ҭҵаарақәа мҩаҧган нанҳәа 2-8 рзы, 3446ҩык ареспондентцәа ргәаанагара аадырҧшит. Раҧхьа иргыланы, Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа ирыдҳәаланы ҳразҵаауан. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, алхрақәа рҿы ҩыџьа мацара акандидатцәа — Каха Калаӡеи Никанор Мелиеи иқәгылазҭгьы, Каха Калаӡе — 66,2 наӡына иоуан; Никанор Мелия — 33,8 наӡына.
Иара убас, апартиатә реитинггьы шәыдаагалар ҳҭахуп:
«Ақырҭуа гәахәтәы» — 46.3; «Амилаҭтә ҵысра» — 23.3; «Гирчи» — 5,3; «Қырҭтәыла адгыларазы» — 5,2; «Мокалакееби» — 3,3; «Аҕмашенебели истратегиа» — 2.3; «Лело» — 2,3; «Апатриотцәа ралианс» — 2,1; «Европатәи Қырҭтәыла» — 1,4; «Алеибористтә партиа» — 0,9; «Иаку Қырҭтәыла» — 0,8; егьырҭ апартиақәа — 5,6», — иҳәеит Шалва Папуашвили.