«Ақырҭуа гәахәтәы» атәыла ахада Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура иалагоит
«Апартиа аполитхеилак аилатәараҿы Қырҭтәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы аӡбара ҳадаҳкылеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Иара ишиҳәаз ала, «ҳара уи азыҳәан Қырҭтәыла Аконституциа аҿаҧхьа аҭак ҳаҧхықәуп».