«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, жәабран алагамҭазы еиҿыркаауеит алхрақәа рызҵаара иадҳәалоу аусеилыргаратә комиссиа
«Аоппозициатә партиақәа даҽазнык ирыдаагалоит алхрақәа ирызкны аиаша ашьақәыргыларазы апарламенти апарламенттә аусеилыргаратә комиссиеи русура рхы аладырхәырц», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡратә маӡаныҟәгаҩ Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иҳәамҭала, аоппозициатә партиақәа аиаша ашьақәыргыларазы шаҟа аҭаххо алхырҭақәа рдыррақәа реиҭагәаҭаразы алшара рымазаауеит.
«Ҳара ишаҳҳәаз ала, 1% адымхаргьы, аиашамра аадырҧшыр, анапхгаратә гәыҧ зыҧшра ҟамҵакәа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рыҿҳәара ҧырҵәоит, сара, «Ақырҭуа гәахәтәы» алхратә штаб анапхгаҩы иҳасабала, аполиткиатә усура аансыжьуеит», — иҳәеит Кобахиӡе.