"Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа агәыҕра рымоуп аоппозициа апарламент иалалап ҳәа
«Ақырҭуа гәахәтәы» афракциа ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, аоппозициаа рхатә партиатә интерессқәа мацара ракәымкәа, аҳәынҭқарра аинтересқәагьы ирызхәыцыр, апарламент иалалоит. Мдинараӡе игәаанагарала, аҳәынҭқарра анапхгараҭаразы апретензиа змоу ауааҧсыра аҳәынҭқарра аинтересқәа ирызхәыцроуп.
«Аҳәынҭқарратә интересқәа иазҧхьагәаҭаны, рационалла ихәыцуа аполитикцәа зегьы еилыркаароуп дара 2 партиак — «Европатәи Қырҭтәылеи» «Амилаҭтә ҵысреи» рнырра аҵаҟа аҟазаара шрыхәҭам. Уи еилыркаар, апарламент аҿы аусура иақәшаҳаҭхоит. Сара уамашәа избоит, аҳәынҭқарра анапхгараҭаразы апретензиа змоу ауаа зыӡбахәы ҳәоу 2 партиак ирыцәшәаны апарламент ахьаламло. Дара аҳәынҭқарратә интересқәа иазҧхьагәаҭаны рыӡбара рыҧсахып ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.
Аоппозициа 2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа иазхарҵом, дара ишырҳәо ала алхрақәа рылҵшәақәа ҧаршеиуп. Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа ринициативала аоппозициеи анапхгаратә партиеи рыбжьара имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәа макьана алҵшәа рхылымҵит.