«Анапхгаратә гәыҧ иарбанызаалак аҳәынҭқарратә институтаҿ аинституциатә кризис ҟалар руам, аинституциатә орган цыҧхьаӡа ишахәҭоу еиҧш аусура еиқәдыршәоит», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҳәамҭаҿы.
Аәҳамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, мышәқак раҧхьа «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аанацҳаит анапхгаратә партиа атәыла ахада иҟалҵо аҳәамҭақәа рыхцәажәарантә рҽааныркылоит, аха, анапхгаратә гәыҧ еиуеиҧшым аинститутқәа русуразы аҭак аҧхықәуп, убри аҟынтә, атәыла ахада иҟалҵо аҳәамҭақәа егьырҭ аҳәынҭқарратә институтқәа русура иаҧырхагазар, «Ақырҭуа гәахәтәы» иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟарҵароуп.
Аҳәамҭа авторцәа ишырәҳаз ала, атәыла ахада лҳәамҭақәа рымшала, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусураҿ апроблемақәа цәырҵит, избанзар, атәыла ахада иреиҳаӡоу адипломатиатә ҭыҧқәа рзы аиҳабыра иқәдыргылоз акандидатурақәа дрықәшаҳаҭымызт. Саломе Зурабишвили, аиашара апринцип еилаганы, Алхратә комиссиа хада аханәтаҩи акомиссиа ҩыџьа алахәылацәеи рҭыҧқәа рзы акандидатцәа рықәыргыларазы мап лкит, аоппозициаа урҭ ирыдгылом ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны.
«Ақырҭуа гәахәтәы» аҳамҭа ишану ала, уажәазы атәыла ахада лхымҩаҧгашьа Қырҭәтыла Амилаҭтә банк аусура иаҧырхагоуп.
«Қырҭәтыла Амилаҭтә банк аҿы иахьагьы иҭацәны иҟоуп Ахеилак ҩыџьа алахәылацәа рҭыҧқәа. Қырҭтәыла Аконституциа инқәырәшаны, Амилаҭтә банк Ахеилак алахәылацәа ааалнахуеит апарламент, атәыла ахада иқәлыргыло акандидатцәа рҟынтәи. Убри аҟынтә, абри аӡбара рыдыркылароуп атәыла ахадеи аиҳабыреи реиқәшаҳаҭрала. Абри аҩыза аконсультациақәа мҩаҧган, атәыла ахада Ахеилак алахәыла иҭыҧаз Лаша Хуцишвили икандидатура дақәшаҳаҭхеит. Амилаҭтә банк ахеилак ашьақәыргҕәҕәара ашьҭахь Амилаҭтә банк ахада иалхра ҟалон. Аконсультациақәа раан аконкреттә аҿҳәарагьы шьақәыргылан. Аха, атәыла ахада аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы, иҳәаақәҵаз аҿҳәаразы апарламентаҿ акандидат дықәлымыргылеит, Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, Лаша Хуцишвили икандидатура иқәлыргылоит Қырҭтәыла апарламент лара «Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иазку» азакәан иақәылҵаз авето аҧыхразы мап ркыр. .
ПАпарламент абри аҳәара нанагӡеит, аха, Саломе Зурабишвили, уезгьы илҳәаз налымгӡеит.
Зыӡбахәы ҳәоу азҵааразы атәыла ахада лҟны аҵыхәтәантәи аимадара мҩаҧган иацы, анапхгаратә әгыҧ ринициативала, аха, Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, ашықәс анҵәамҭанӡа акандидаткгьы дықәлыргылом. Зҵакы дуу аконституциатә институт абас азныҟәара атәыла ахада лконституциатә ҧхықәрақәа ирышьашәалам.
Анапхгаратә гәыҧ иарбанызаалак аҳәынҭқарратә институтаҿ аинституциатә кризис ҟалар руам, аинституциатә орган цыҧхьаӡа ишахәҭоу еиҧш аусура еиқәдыршәоит», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҳәамҭаҿы.