"Ақырҭуа гәахәтәы" аофис аԥхьа изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара зҭаху атәылауаа акциа мҩаԥыргоит
“Ақырҭуа гәахәтәы” аофис аԥхьа аҵысра “Аҵысра Қырҭтәылазы” алахәылацәа акциа мҩаԥыргоит.
Урҭ изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара рҭахуп.
“Аԥыза-министр иҭыԥ Гахаиа ааникыло, Кобахиӡе ааникыло, уи ҳара ҳзы зегь акоуп. Ҳтәылаҿ иҟоу анапхгара илегитимым, изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥгатәуп”, – ирҳәоит акциа алахәылацәа.