«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, анапхгаратә партиа аполитхеилак аӡбарала, аҳәсатә апартиатә еиҿкаара аҧырҵоит. Иахьатәи абрифинг аҿы Кобахиӡе ишиҳәаз ала, аиҿкаара ҿыц аҧырҵоит апартиатә-политикатә процессқәа рҿы аҳәса рроль азырҳара амзызла.
Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, аҳәсатә аиҿкаара ҿыц аҳәса ирыцхраауеит апартиатә структурақәеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рҿы ркариера аҿиараҿы.