«Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәсатә аиҿкаара аҧырҵоит
«Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәсатә аиҿкаара аҧырҵоит

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, анапхгаратә партиа аполитхеилак аӡбарала, аҳәсатә апартиатә еиҿкаара аҧырҵоит.  Иахьатәи абрифинг аҿы Кобахиӡе ишиҳәаз ала,   аиҿкаара ҿыц аҧырҵоит апартиатә-политикатә процессқәа рҿы аҳәса рроль азырҳара амзызла.

Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, аҳәсатә аиҿкаара ҿыц    аҳәса ирыцхраауеит апартиатә структурақәеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рҿы ркариера аҿиараҿы.