"Ақырҭуа гәахәҭәы" Европатәи асоциал-демократцәа рпартиа жәларбжьаратәи аконгресс рхы аладырхәоит
"Ақырҭуа гәахәҭәы" Европатәи асоциал-демократцәа рпартиа жәларбжьаратәи аконгресс рхы аладырхәоит

“Ақырҭуа гәахәҭәы” Европатәи асоциал-демократцәа рпартиа (PES) жәларбжьаратәи аконгресс рхы аладырхәоит, Ари атәы аанацҳаит “Ақырҭуа гәахәҭәы” апрессмаҵзура.

“Жьҭаара 14-15 рзы, Берлин Европатәи асоциал-демократцәа рпартиа (PES) жәларбжьаратәи аконгресс мҩаԥысуеит. Аконгресс PES ашьаҭаркра 30 шықәса ҵра иадҳәалоуп. Уи рхы аладырхәоит европатәи атәылақәа реиҳабырақәа рлидерцәеи апартиақәа рнапхгаҩцәеи, урҭ иреиуоуп Германтәыла аканцлер Олаф Шольц, Финлиандиа аԥыза-министр Сана Марини, Испаниа аԥыза-министр Педро Санчес, Швециа аԥыза-министр Стефан Левен, Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак адәныҟатәии ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рзы Жозеф Боррель, PES ахада Серги Станишеви уб. егь.

“Ақырҭуа гәахәтәы” аделегациа дахагылоуп апартиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе”, – иануп апартиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.