Апрокуратура Џьуаншер Бурҷулаӡе аполитикатә маҵзураҭыԥ аанызкыло ахаҿы ила амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәареи закәандарала ирҳаз аҧара рацәа алегализациеи рзы ахара иқәнаҵеит
Қырҭтәыла Апрокуратура Қырҭтәыла Атәылахьчара ҧасатәи аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе аполитикатә маҵзураҭыԥ аанызкыло ахаҿы ила амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәареи закәандарала ирҳаз аҧара рацәа алегализациеи рзы ахара иқәнаҵеит.
Аусԥшааратә маҵзура аинформациала, ари ацәгьоуразы иазыԥхьагәаҭоуп 12 шықәсанӡа аҭакра.
“Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура Антикоррупциатә агентра имҩаԥнагаз аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, 2023 шықәсазы усҟантәи Атәылахьчара аминистр амаҵзураҭыҧ цәгьашақә изы иаирхәан, иуацәа рыцхыраарала закәандарала ирҳаз аҧара рацәа алегализациа илшеит. Аиқәшаҳаҭра ԥаршеиқәа рыбжьаҵаны, арратә хәышәтәырҭазы 2 606 272 лари иаԥсаз аппарат 3 940 000 лари ҳәа иаархәеит. Ари амзызла Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра 1 333 728 лари иаҟароу азарал абеит.
Закәандарала ирҳаз аҧара рацәа аҵәахразы, ԥасатәи аминистри иԥҳәыси, 2025 шықәсазы 544 000 евро ҳәа Испаниа аҩны аархәеит”, – иануп апрокуратура аҳәамҭа аҿы.