Апрокуратура Леван Хабеишвили аҭакра, Мурҭаз Зоделава ашас рықәҵара аҳәара иқәнаргылоит
Апрокуратура Леван Хабеишвили аҭакра, Мурҭаз Зоделава ашас рықәҵара аҳәара иқәнаргылоит

Қырҭтәыла Апрокуратура «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа  Леван Хабеишвили иҭакра, Мурҭаз Зоделава ашас ԥара рықәҵара аҳәара иқәнаргылоит.

“2025 шықәса нанҳәеи цәыббреи рзы “Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнак Леван Хабеишвили Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Иҷыдоу адҵақәа рыҟәша аусзуҩцәа реиҳабацәа ирырҭо адҵақәа нармыгӡар, 200 000 америкатәи доллар иаҟароу аҵарҭыша шәысҭоит ҳәа аҳәамҭақәа алаирҵәон.

Ари азы уи 2025 шықәса цәыббра 11 рзы даанкылан”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Мурҭаз Зоделава даанкылоуп азакәанхьчаҩцәа рҿагылара азы.