Апрокуратура алхратә аппаратура аҧхасҭатәра афакт азы хаҿык ахара иднаҵеит
Қырҭтәыла апрокуратура Баҕдадтәи амуниципалитет Дидвели ақыҭан иҟаз алхырҭаҿы алхратә аппаратура аҧхасҭатәра афакт азы хаҿык ахара иднаҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апрокуратура.
„Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаҧнагаз аусеилыргара адыррақәа рыла, ахара зду ахаҿы, 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы, Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа раан, Баҕдадтәи амуниципалитет Дидвели ақыҭан иҟалз алхырҭа N23 аҿы Алхратә комиссиа хада иатәыз, 5 280 лари иаҧсоу, алхыҩцәа рсаверификациатә аппаратқәа ҩба ҧхасҭеитәан, дыбналеит.
Азинхьчаҩцәа иара абҵара 7 рзы дааныркылеит. Иара ахара иқәырҵеит Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла 187-тәи ахәҭаҷ ала, уи ала иазҧхьагәаҭоуп шықәсык инаркны хәышықәсанӡа аҭакра“, – иануп аинформациаҿы.