Апопулиартә ҭыжьымҭа Best Life аҧхьаҩцәа ирыбжьанагоит Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи иаҭааирц
Америкатә ҭыжьымҭа Best Life аҧхьаҩцәа ирыбжьанагоит Қырҭтәылаҟа инеины Амилаҭтә музеи иаҭааирц. Захари Мак истатиаҿы «Аҭааразы иреиҕьу жәа-музеик» Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи адунеи иреиҕьу амузеиқәа рыгәҭа игылоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа.
Астатиа автор Қырҭтәылеи, Америкеи, Голландиеи, Бырзентәылеи, Ҭырқәтәылеи, Зеландиа Ҿыци, Израили, Египти амузеиқәа дрыхцәажәоит.
«Адунеиаҿ зхатә ҭоурых змам кәакькгьы иҟам, аха, аекспертцәа ргәаанагарала, Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи анырра ари атәыла аҳәаақәа ирҭыҵуеит», — иҩит Захари Мак.
Астатиаҿы иаагоуп National Geographic ашәҟәыҩҩы-аныҟәаҩ Џьо Иогерт ицитата, иара Атуризм амилаҭтә администрациа ааҧхьарала Қырҭәтылаҟа дааны, National Geographic азы астатиа иҩит.
«Қырҭтәыла амилаҭтә музеи аҿы еизгоу аколлекциа лабҿаба аанарҧшуеит Қырҭтәыла Ааигәатә Мрагылареи, Европеи, Кавказтәи арегиони рзы аныррас иамаз. Археологиатә хазына — зегьы раасҭа иџьоушьаша експонатуп. Абраҟа ицәыргоуп Қырҭтәыла аҳратә епоха иаҵанакәа ахьтәи араӡнытәи реликвиақәа. Иара убас, амузеиаҿ ижәбоит асоветтә ампыҵахалара азалгьы, уаҟа аарҧшуп Асовет Еидгыла аан ақырҭуа культура ақәхра иазкыз акампаниа», — иҩит National Geographic аныҟәаҩ Џьо Иогерт.