Аполитикатә партиақәеи, алхратә субиектқәеи, алхратә хықәкқәа змоу ахаҿқәеи рфинанстә мониторинг мҩаҧнагоит Антикоррупциатә биуро
Аполитикатә партиақәеи, алхратә субиектқәеи, алхратә хықәкқәа змоу ахаҿқәеи рфинанстә мониторинг мҩаҧнагоит Антикоррупциатә биуро

Аполитикатә партиақәеи, алхратә субиектқәеи, алхратә хықәкқәа змоу ахаҿқәеи рфинанстә мониторинг мҩаҧнагоит Антикоррупциатә биуро. Қырҭтәыла Антикоррупциатә биуро аҧҵара иазҧхьагәаҭоуп иашьашәалоу азакәан иалагалаоу аҧсахрақәа рыла.

Уажәтәи азакәан инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аорган Аҳәынҭқарратә аудит амаҵзура иаҵанакәеит. Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, уажәшьҭа аҳәынҭқарратә чынуаа,  рмалтә ҭагылазаашьа иазку адекларациа цәырыргароуп Антикоррупциатә биуро аҿы.

Аиуристтә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Анри Оханашвили иҳәамҭала,  Антикоррупциатә биуро афункциақәа рырҭбаара – Еврокомиссиантә Қырҭәтыла иаиуз  12 абжьагарақәа ирышьашәалоуп.