Аҧсшьара ашьҭахь, Михаил Саакашвили иусӡбаратә процесс иара ида инагӡахоит
Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иус ахьырыӡбо Қарҭ ақалақьтә аӡбараҿы 15 минуҭ аҧсшьара рыларҳәеит.
Михаил Саакашвили ишиҳәаз ала, иара аӡбаратә процесс анагӡара далахәхәом.
«Сара, схатә гәаҧхарала, азал аансыжьуеит. Аҳақьымцәа ишсарҳәаз ала, ҩ-сааҭк еиҳаны апроцесс аҿы сыҟазар ҟалом», — иҳәеит Саакашвили.
Аӡбаҩцәа рҳәамҭала, аусӡбаратә процесс асааҭ 17:00-нӡа инагӡахар ауеит.