Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла иҟоу Австриа ацҳаражәҳәаҩ Томас Мулман диҧылеит.
Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳаҩ ҿыц иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьашьаны, Қырҭ-тәылеи Австриеи рыбжьара ҩ-ганклатәии аганрацәалатәии усеицура арҭбаара дшақәгәыҕуа иҳәеит.
Аиҿцәажәара аан Аҧыза-министр апандемиа аан аиҩызаратәи апартниортәи тәылақәа рҟынтә Қырҭтәыла иаиуз ацхыраара аҵакы иазгәаҭаны, Австриа анапхгара ҭахуп ҳәа реиҳәеит.
Хшыҩзышьҭра рызун ҳаҧхьаҟа ҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, иара убас, Австриа аҿиара агентра (ADA) аҟны қәҿиарала аусеицуреи.
Иара убас, аиҧылараҿы иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рзы апандемиа иамоу анырра цәгьа, ари аганахьала ҷыдала иалкаан атуризм асектор. Аҧыза-министр ишиҳәаз аала, акризис анеҩстәи аекономикатә аиҭашьақәыргылара аетап аан атуризм асектор Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара амазаауеит, атәылаҿы ҳаҧхьаҟагьы австриатәи туристцәа гәахәарыла ирыдыркылоит.
Австриа ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Австриа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.
Гьаргь Гахариа ишазгеиҭаз ала, Қырҭтәыла анапхгара Евроеидгыла анаҧшратә миссиаҿы австриатәи амониторцәа рылахәызаара ахә ршьоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, иара аиҩызаратә тәыла даҭабууп европатәи интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла иахьадгыло азыҳәан.