Аҧыза-министр Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дрыҳәеит закәандарала иҭаку Заза Гахелаӡеи Қырҭтәыла егьырҭ атәылауааи рхақәиҭтәра иацхрааарц
Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа, Қырҭтәыла атәылауаҩ Заза Гахелаӡе импыҵахалоу Цхинвал закәандарала ибаандаҩтәра аҿҳәара ацҵара иадҳәаланы, астратегиатә партниорцәа – Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Кели Дегнани Карл Ҳарцели аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы дырҧылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломатцәа дрыҳәеит закәандарала иҭаку Заза Гахелаӡеи Қырҭтәыла егьырҭ атәылауааи рхақәиҭтәра иацхрааарц.
Ампыҵахалатә цәаҳәаҿы закәандарала ауаа раанкылареи ршьаҭанкылатә зинқәа рхақәиҭрақәеи реилагареи аҵыхәҧҵәара амзызла, аиҧылара аан хшыҩзышьҭра рызун жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны адипломатиатәи азинтәи беркетқәеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара Страсбургтәи жәларбжьаратәи аӡбара ақәҵарақәеи рҵаки, иара убас, Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәеи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми аҳәаақәа ирҭагӡаны абри азҵаара ақәыргылара ахымҧадареи.
Адипломатцәа даҽазнык агәынамӡара аадырҧшит Цхинвад де-факто аӡбра ақәҵара иадҳәаланы, дара иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла атәылауаҩ зыҧшра ҟамҵакәа дшоужьҭтәу.
„Даараӡа исериозу аҭагылазаашьа иадҳәаланы зҵакы дуу аиҧылара мҩаҧаагеит. Америка анапхгара ргәанамӡара аадырҧшит иацы Қырҭтәыла атәылауаҩ иҿагыланы Цхинвал ирыдыркылаз аӡбара иадҳәаланы. Иара ҵыҧх ҧхынгәы инаркны дҭакны дрымоуп, ҳара ишаадыруа ала, шьаҭак зҵам ахарадҵарақәа изықәдыргылеит. Абри аҭагылазаашьа зыҧшра ҟамҵакәа аҭыҧқәҵареи Қырҭәәыла атәылауаҩ излауа ала ирласны ихақәиҭтәреи азҵаара хшыҩзышьҭра ду аиуп ҳәа ҳгәыҕуеит“, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Кели Дегнан.
„Абри афакт ҳгәы ҧнажәоит. Мышқәак ҵуеит ҳара ари аус ҳацклаҧшуеижьҭеи. Ҳара еиуеиҧшым ахархәагақәа ҳхы иаҳархәоит: Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм, Ацәаҳәа ҷыда, Женеватәи аиҿцәажәарақәа. Закәандарала аанкылара иашьҭагылаз авердикт ҳахшыҩ азышьҭны ҳахәаҧшуеит. Закәандарала ибаандаҩыртәыз ауаҩҧсы зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәра ҳаҳәоит. Ҳаҧхьаҟагьы ари азҵаара ҳакцклаҧшуеит. Абри ҭагылазаашьа алацәажәаразы аҧыза-министр иаппарат ахь иахьсыҧхьаз сара сзы ҳаҭыр дууп. Ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала, ҳаҧхьаҟагьы хымҧада абри аус ҳацклаҧшуеит, избанзар ари азҵаара аҵакы ду амоуп“, – иҳәеит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.
Аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Кахабер Қемоклиӡе.