Апенитенциартә усбарҭақәа рҿы, Мшаҧы аныҳәа ду инамаданы, абаандаҩцәа рхәы адкылара иалагеит
Апенитенциартә усбарҭақәа рҿы, Мшаҧы аныҳәа ду инамаданы, абаандаҩцәа рхәы адкылара иалагеит

Апенитенциартә усбарҭақәа рҿы, Мшаҧы аныҳәа ду инамаданы, абаандаҩцәа рхәы адкылара иалагеит.

Апенитенциартә усбарҭақәа рҿы абаандаҩцәа рхәы рыдыркылоит мшаҧы 8–9 рзы, асааҭ  10:00 инаркны  18:00-нӡа.

«Абаандаҩы изнагара ҟалоит ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу афатә: акәац иӡны ма ижәны  — 3 кьыла; акәты  —  цырак, иӡны ма ижәны; ашә — 2 кьылак; ачашә  — 3 цырак; апаска — 2 цырак, акәтаҕь ҟаҧшь  — 10 цырак; акрем змам аторт; анашеи апомидори  —  3-3 кьыла.

Инарҭбаау аинформациа еилышәкаар шәылшоит Апенитенциартә маҵзура ҷыда Ацәаҳәа ҷыдала, аҭел  — 1500», — иануп аинформациаҿы.