Апенитенциартә маҵзура ҷыда - Зус ӡбоу Саакашвили изы изакәызаалак аҧкрак иҟамызт
Апенитенциартә маҵзура ҷыда аҿы ишарыцҳаз ала, зус ӡбоу Михаил Саакашвили изы изакәызаалак аҧкрак иҟамызт, аларҵәара зауз аинформациа ииашам.
«Зус ӡбоу М. Саакашвили изинқәа идҳардырит. Апенитенциартә маҵзура агенералтә директор иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, ҳаҧхьаҟа абаандаҩы азыӡба ихигоит иарку аусбарҭаҿы. Иара мызкахьы знык аамҭакьаҿла аиҧыларак азин имоуп, азин ҷыда ҳасабала – мызкахьы знык даҽа аиҧыларак ирҭоит. Иара убас, Михаил Саакашвили идҳардырит иара шықәсыкахь ҩынтә кыраамҭатәи 2 еиҧыларак азин шимоу, азин ҷыда ҳасабала – шықәсыкахь знык кыраамҭатәи даҽа аиҧыларак изацырҵоит.
Михаил Саакашвили игәабзиара ҭагылазаашьа иахылаҧшуеит апенитенциартә усбарҭа N12 аҳақьымцәа», — иануп Апенитенциартә маҵзура ҷыда аҳәамҭаҿы.