Апатриархиа -   «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан адкылара зҵакы дуу шьаҿоуп ақырҭуа милаҭ ҳәаақәызҵо апринципқәа рыхьчаразы
Апатриархиа -   «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан адкылара зҵакы дуу шьаҿоуп ақырҭуа милаҭ ҳәаақәызҵо апринципқәа рыхьчаразы

«Қырҭтәыла анапхгара ирыдыркылаз «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан ҧхьаҟа ицо ашьаҿа бзиоуп», — иануп Қырҭтәыла Апатриархиа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа ишану ала, иахьа адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҿы еиҧшҵәҟьа,  Қырҭтәылагьы аҭаацәаратә принципқәа рыхьчара зҵакы дуу проблемас иҟалеит.

«Ақырҭуа уахәама еснагь ҳҿар ахьчон атрадициатә ҭаацәаратә структура еилазго аидеологиа аҟынтәи.

Шықәсқәак раҧхьа Апатриархиа ашколтә арҵагашәҟәқәак акритика рызнауит, избанзар, урҭ иаартны аҭаацәаратә принципқәа ладырҟәон. Аџьабаа ду аҭаххеит абарҭ арҵагашәҟәқәа рҟынтә  LGBTQI апропаганда ианырхырц, избанзар, арҵагашәҟәқәа ҳшьаҭанкылатә принципқәа ирышьашәалазароуп.

Убри адагьы,  LGBTQI апропаганда амшала, ауаажәлар лассы-лассы аимак рыбжьалон, аибарххара иазҿлымҳаз агәыҧқәа уи хархәагас ирыман.

Убри аҟынтә, Қырҭтәыла анапхгара ирыдыркылаз «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан ҧхьаҟа ицо ашьаҿа бзиоуп.

Ари азакәан ҳажәлар рмышхәыбзазаразы алҵшәа бзиа ахылҵып ҳәа ҳгәыҕуеит, избанзар, уи  ақырҭуа милаҭ ҳәаақәызҵо апринципқәа рыхьчаразы  зҵакы дуу шьаҿоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.