Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, апартиақәа рқәиҭымтәра иазку аконституциатә ашшыҧхьыӡ иацырҵоит апартиа “Афедералистцәа”.
Папуашвили иажәақәа рыла, иахьа «Ақырҭуа гәахәтәы», иашьашәалоу ашшыҧхьыӡ ала Аконституциатә аӡбара иадҵаалт.
«Аханатә ари ашшыҧхьыӡ ианын 3 партиак — «Амилаҭтә ҵысреи», «Аиҭакрақәа рзы акаолициеи» «Лелои», асиа ҿыц иацлоит даҽа партиак – «Афедералистцәа».
Хәажәкыра 2 рзы рнапы зҵарҩыз адекларациаҿы партиақәак рстратегиатә хықәкқәа рзы еиқәшаҳаҭхеит. Дара иреиуп жьҭаара 4 рзы аиҳабыра рыхҳәара еиҿызкааз ауааҧсырагьы. Дара аргама ирҳәеит алхрақәа рделегитимациеи, аконституциатә органқәа рызхаҵамреи хымҧадоуп ҳәа. Убри аҟынтә, уаанӡа ашшыҧхьыӡ ианыз 3 партиак даҽа партиакгьы иацлоит.
Иахьа ари алианс иахагылоуп Михаил Саакашвилии, Гига Бокериеи, Ника Гварамиеи. «Амилаҭтә ҵысра» «акриминалтә режим» аахаҭарнакцәа иахьагьы ҳтәыла амарионеттә ҳәынҭқаррас иҟарҵар рҭахуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.