Апартиақәа "Ақырҭуа гәахәтәи", "Гирчии", "Қырҭтәыла адгыларазы", "Ажәлар рымчи" алахәылацәа апарламент иаларгалоит "Ауаажәларратә дырраҭара" афинансыркра иазкны дара еицеиқәдыршәаз азакәанпроект
Апартиақәа “Ақырҭуа гәахәтәи”, “Гирчии”, “Қырҭтәыла адгыларазы”, “Ажәлар рымчи” алахәылацәа апарламент иаларгалоит “Ауаажәларратә дырраҭара” афинансыркра иазкны дара еицеиқәдыршәаз азакәанпроект.
Азакәанпроект цәырыргараны иҟоуп абҵара 6 рзы имҩаҧысуа апарламент абиуро аилатәараҿы.
Азакәанпроект аинициаторцәоуп адепутатцәа: Паата Квижинаӡе («Ақырҭуа гәахәтәы»), Бежан Цакаӡе («Ақырҭуа гәахәтәы»), Гоги Мешвелиани («Ақырҭуа гәахәтәы»), Алеқсандр Рақвиашвили («Гирчи»), Антон Оболашвили («Ақырҭуа гәахәтәы»), Заал Миқелаӡе (апартиа «Ажәлар рымч»), Иракли Қирцхалиа («Ақырҭуа гәахәтәы»), Иракли Заркуа («Ақырҭуа гәахәтәы»), Дилар Хабулиани (ихьыҧшым адепутат) , Беқа Лилуашвили ( «Қырҭтәыла адгыларазы»).