Апарламенттә оппозициаа ишаарыцҳаз ала, Аиуристтә зҵаарақәа ркомитет аилатәарахь урҭ инармышьҭит
Апарламенттә оппозициаа ишаарыцҳаз ала, Аиуристтә зҵаарақәа ркомитет аилатәарахь урҭ инармышьҭит

Апарламенттә оппозициаа ишаарыцҳаз ала, Аиуристтә зҵаарақәа ркомитет аилатәарахь урҭ инармышьҭит.

Хатиа Деканоиӡе лажәақәа рыла, Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект ахԥатәи аԥхьарала ахьрыдыркылаз акомитет аилатәара илегитимым.

“Аоппозициаа Аиуристтә зҵаарақәа ркомитет аилатәарахь ҳнармышьҭиит, аполициаа иаҳԥырхахагеит. Ари иԥхашьароу илегитимым аилатәароуп. Аилатәараҿ иҟан акомитет ахантәаҩи гәыԥҩык адепутатцәеи, аиҳара рхаҭарнакцәагьы рылымшеит аилатәарашҟа анеира“,- илҳәеит Хатиа Деканоиӡе.

Апарламент аиуристтә зҵаарақәа ркомитет ахԥатәи аԥхьарала аднакылеит “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект.