Апарламенттә оппозициа ахаҭарнакцәа Британиа Ду апарламентаҿ Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы аус зуа аинтерпартиатә апарламенттә гәыҧ ахантәаҩы иҧылеит
Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу апарламенттә оппозициа ахаҭарнакцәа Британиа Ду апарламентаҿ Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы аус зуа аинтерпартиатә апарламенттә гәыҧ ахантәаҩы Џьонатан Џьаноҕлии аделегациа алахәылацәеи ирҧылеит.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда рызун Қырҭтәыла европатәи аперспективеи, имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәеи, зыӡбахәы ҳәоу алхрақәа рыцклаҧшразы акыраамҭалатәи аҿҳәаракьаҿлатәи амиссиақәа реиқәыршәареи.
«Британиа Ду еснагь Қырҭтәыла аҩызцәа иреиун. Ҳара иаартны, гәыкала ҳаицәажәеит – британиатәи апарламент аҟынтә ҳколлегацәа даараӡа ргәы иалоуп ҳара аамҭа ахьаҳцәыӡуа, Британиеи егьырҭ адемократиатә ҳәынҭқаррақәеи рҟынтә Қырҭтәыла иаиуа ацхыраара ахархәара ахьҳалымшо. Аха, ҳара агәыҕра раҳҭеит Қырҭтәыла аполитикатә лагылазаара ишеиҕьхо азы. Имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа ирыдҳәаланы исериозу аиҿцәажәара ҳаман, амониторинг аганахьала Британиа Ду алахәызаара ҳақәгәыҕуеит», — иҳәеит апарламенттә аполитикатә гәыҧ «Лело» — Қырҭтәылазы апартниорра» ахантәаҩы Давиҭ Усуҧашвили.
Апарламенттә аполитикатә гәыҧ «Еврооптимистцәа» иалахәы Хаҭиа Деканоиӡе ишылҳәаз ала, аиҧылара аинтерес ду аҵан.
«Раҧхьа иргыланы, ҳара Қырҭтәыла европатәи аперспективеи, 12 пунктқәа рынагӡара аганахьала иахьазы иҳамоу аҭагылазаашьеи, атәыла анапхгара ирыду аҭакҧхықәреи ҳалацәажәеит. Иара убас, 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рҿы аоппозициа зеиҧшрахо, алхрақәа ииашаны рымҩаҧгара ҵакыс иамоу, анаҧшратә миссиақәа иранашьоу ароль ду уҳәа, имаҷымкәа азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ҳрыҳәеит Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рахь излауа ала ирацәаны анаҧшцәа аарышьҭырц», — илҳәеит Хаҭиа Деканоиӡе.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.