Апарламенттә оппозициа адепутатцәа Саломе Зурабишвили илыҳәеит апарламент аҧхьа имҩаҧысуа акциашҟа днеирц
Апарламенттә оппозициа адепутатцәа Саломе Зурабишвили илыҳәеит Русҭавели имҩадуаҿ, апарламент аҧхьа имҩаҧысуа акциашҟа днеирц. Акциаҿы ари аҳәамҭа ҟалҵеит аоппозициатә епутат Ҭамар Корӡаиа.
«Ҳара зхы иақәиҭу адунеиаҿ ҳабжьы ҳаргоит, ахақәиҭра азықәҧараҿы алагала ду ҟаҳҵоит. Ҳҳәынҭқарра зхы иақәиҭу амилаҭ рҳәынҭқарроуп, ҳара уи шьақәҳарҕәҕәоит жьҭааразы имҩаҧыуа ареферендум аҿы.
Ақырҭуа акзаара асимвол, Қырҭтәыра Ар рҧыза хада, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ҳара ҳахь дааны, абри акзаара аханы дгыларц ҳлыҳәоит», — илҳәеит Ҭамар Корӡаиа.
Амитинг алахәылацәа атәыла ахада «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иақәылҵаз вето апарламент ала аиааира иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.