Апарламент Лаша Тугушии Уасил Маҕлаҧериӡеи Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак алахәызааразы ркандидатурақәа шьақәнарҕәҕәеит, Лиа Шавгулиӡе лкандидатура шьақәырҕәҕәамызт
Апарламент Лаша Тугушии Уасил Маҕлаҧериӡеи Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак алахәызааразы ркандидатурақәа шьақәнарҕәҕәеит, Лиа Шавгулиӡе лкандидатура шьақәырҕәҕәамызт
Апарламент иахьатәи апленартә аилатәараҿы адепутатцәа Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак ҩыџьа алахәылацәа алырхит.
Жәлар рыхьчаҩ иқәлыргылаз Лаша Тугушии «Ақырҭуа гәахәтәы» аквотала иқәгылаз Уасил Маҕлаҧериӡеи ркандидатурақәа шьақәырҕәҕәан.
Адепутатцәа «Амилаҭтә ҵысра» аквотала иқәгылаз Лиа Шавгулиӡе лкандидатура иадымгылеит.
«Ақырҭуа гәахәтәы» афракциа ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе ишиҳәаз ала, «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа «Ақырҭуа гәахәтәы» аквотала иқәгылаз акандидат идгылар рҭахымхеит, убри аҟынтә, «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә адепутатцәагьы «Амилаҭтә ҵысра» ркандидат илыдымгылеит.