Апарламент Дмитри Џьаҧариӡеи Гьаргь Бақраӡеи ркандидатурақәа иадымгылеит

14:10, 28.06.2023

Апарламент  апленартә аилатәараҿы,  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахеилак алахәызааразы атәыла ахада иқәлыргылаз  Дмитри Џьаҧариӡеи Гьаргь Бақраӡеи ркандидатурақәа иадымгылеит.

Абжьыҭиранӡа, рашәара 26 рзы Дмитри Џьаҧариӡеи Гьаргь Бақраӡеи акомитетқәа реилатәараҿы ирзыӡырҩит, аха, ирыдымгылеит.

Апарламенттә аиҳара ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, акандидатцәа ркомпетенциа иазкны изакәызаалак зҵаарак рымам, аха,  атәыла ахадеи апарламенти рыбжьара аконсультациақәа мҩаҧгамызт, акандидатурақәа рзы заанаҵы еиқәшаҳаҭымхеит.

Еиԥшу