Апарламенттә ахыбра аҧхьа апротесттә акциа еиҭалагеит. Акциа алахәылацәа Леқсо Лашкарава иҧсра инамаданы аҧыза-министр иамхра иаҳәоит.
Ажурналист Вахо Санаиа иҳәамҭала, акциаҿы игылоу ауаа рыбзоурала, Иракли Ҕарибашвили хымҧада инапынҵақәа шьҭеиҵоит.
«Ишәгәыласыршәар сҭахуп 2015 шықәса, ҳара ҳазынтәгьы ибзианы иҳгәалашәоит ҧхынҷкәын 31 рзы ателееилахәыраҿы Ҕарибашвили идныҳәаларатә ашәҟәаартқәа шҳауз, иара уаанӡа 10 раҧхьа иҩит, аха, ҳара ианҳауа, аҧыза-министрс дыҟамызт. Иара ишьҭахь иҟаз аҧыза-министргьы иҳәон џьаргьы ацара сгәы иҭам ҳәа, аха, адырҩаҽны инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Ахҧатәи аҧыза-министгьы убасҵәҟьа ихьит», — иҳәеит Вахо Санаиа акциаҿы данықәгылоз.