Апарламент аҿы Қырҭтәыла раҧхьатәи Аконституциа адкылара инаркны 100 шықәса аҵра инамаданы аныҳәатә аилатәара мҩаҧысуеит
Апарламент аҿы Қырҭтәыла раҧхьатәи Аконституциа адкылара инаркны 100 шықәса аҵра инамаданы аныҳәатә аилатәара мҩаҧысуеит
Иахьа, жәабран 21 рзы, Қырҭтәыла апарламент аҿы Қырҭтәыла раҧхьатәи Аконституциа адкылара инаркны 100 шықәса аҵра инамаданы аныҳәатә аилатәара мҩаҧысуеит.
Апарламент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апарламент аспикер Арчил Ҭалакваӡеи еицырдыруа ақырҭуа ауаажәларратә усзуҩ ихылҵ, 10 шықәса зхыҵуа Еқвҭиме Ҭаҟаишвилии «Еқвҭиме Ҭаҟаишвили ихьӡ зху ақырҭуа парламентаризм амузеи» аадыртуеит.
Аныҳәатә аилатәараҿы иқәгылоит апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи, ахада Саломе Зурабишвилии, аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Иракли Ҕарибашвилии, Аконституциатә аӡбара ахантәаҩы Мераб Туравеи, апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡеи, егьырҭ адепутатцәеи.
Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе «Ахақәиҭра апарламенттә аорден» ианаршьоит.
Ауснагӡатә рхы аладырхәоит Қырҭтәыла ахадеи, аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидати, Автономтә республикақәа Иреиҳаӡоу ахеилакқәа рхантәаҩцәеи, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи, Аконституциатәи Иреиҳаӡоуи аӡбарақәа рхантәаҩцәеи, Қарҭ ақалақьтә аилак ахантәаҩи, Апатриархиеи еиуеиҧшым арелигиатә конфессиақеи рхаҭарнакцәеи, Еқвҭиме Ҭаҟаишвили ихылҵи.