Апарламент аҿы "Амнистиа иазку" азакәан актәи аԥхьарала  ирыдыркылеит
Апарламент аҿы "Амнистиа иазку" азакәан актәи аԥхьарала ирыдыркылеит

Қырҭтәыла апарламент актәи аԥхьарала “Амнистиа иазку” азакәанпроект аднакылеит, иадгылеит 88-ҩык. Аоппозициаа реиҳараҩык аилатәарашҟа имнеиӡацт.

Азакәанпроект инақәыршәаны, амнистиа рыдкьыслоит 2024 шықәса ҧхынгәы 1-нӡа иҟаҵаз ацәгьаурақәак.

Лымкаала, амнистиа рыдкьыслом: ауаҩшьразы зус ӡбоу ауааҧсыра; анаркотикқәа рыла ахәаахәҭразы; асексуалтә ацәгьаурақәа рзы; арҳәразы; атерроризм азы; акоррупциеи амаҵзуратә ацәгьаурақәеи рзы, аҕьычратә дунеи алахәызааразы; аконвенциатә ацәгьаурақәа рзы, ауаа рыла ахәаахәҭразы, иара убас, егьырҭ ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы зус ӡбоу ауааҧсыра.