Апарламент аҿы абиуро аилатәараҿ адепутатцәа Украинатәи аибашьра иалаӡыз минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит
Апарламент аҿы абиуро аилатәараҿ адепутатцәа Украинатәи аибашьра иалаӡыз минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Абиуро аилатәара иалагаанӡа Шьалуа Папуашвили ишааицҳаз, Украина аганахьала зеиԥшҟамлац агрессиа мҩаԥысуеит.
“Украина аганахьала зеиԥшҟамлац агрессиа мҩаԥысуеит, аибашьра есышатәи аԥсыҭбарақәа ацуп. Украинатәи ажәлари, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылара даҽазнык аасырԥшыр сҭахуп. Ари аибашьра ауаҩытәыҩсатә трагедиа ауп, убри аҟынтә, аҩызцәа, аибашьра иалаӡыз минуҭктәи ҿымҭрала ргәаларшәара шәыдасгаларц сҭахуп,” – иҳәеит Папуашвили.