Апарламент алахәылацәа Нана Кеинишвилии Ҭеимураз Хомерикии Амилаҭтә банк Ахеилак алахәылацәас алырхит
Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа Нана Кеинишвилии Ҭеимураз Хомерикии Амилаҭтә банк Ахеилак алахәылацәас алырхит, урҭ ркандидатурақәа иқәлыргылеит атәыла ахада.
Иахьа апарламенттә комитетқәа реилатәараҿы атәыла ахада иқәлыргылаз акандидатурақәа ирыхәаҧшраны иҟан, аха, Нана Кеинишвилии Ҭеимураз Хомерикии акомитет аилатәарашҟа имнеит. Аилатәараҿы ажәахәҟаҵаҩы Гьаргь Мсхилаӡе ишиҳәаз ала, атәыла ахада лгәаанагарала, цәыббра 18 рзы ирыдыркылаз аӡбара аҧырырхаанӡа, абанк иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭыҧ иқәырҵаанӡа, Амилаҭтә банк Ахеилак алахәызааразы аҿыц кандидатцәа рықәыгылара ахәҭам.
Акандидатцәа аилатәараҿы ишыҟамзгьы, абжьыҭира мҩаҧган.