Апарламент  «Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку» азакәанпроект аднакылеит
Апарламент  «Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку» азакәанпроект аднакылеит

Қырҭтәыла апарламент  «Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку» азакәанпроект актәи аҧхьарала аднакылеит.

Иахьатәи апленартә аилатәараҿы имҩаҧгаз абжьыҭираан  75ҩык адепутатцәа аҧсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит, 23ҩык адепутатцәа ирықәшаҳаҭымхеит.

Азакәанпроект инақәыршәаны, аизара ма адемонстрациа алахәылацәа аамҭалатәи ашьақәыргыламҭақәа рыргылара азин рымам арҭ ашьақәыргыламҭақәа: аизара ма адемонстрациа алахәылацәа рзы шәарҭазар;  аполициа аусзуҩцәа рыла ауаажәларратә аиҿкаара ахьчара иаҧырхагазар, иарбанзаалак аусбарҭа ма аиҿкаара аусура иаҧырхагазар. Аизареи агәаанагара аарҧшреи  ахақәиҭра азҵаара аҭыҧқәҵара амзызла, иашьашәалоу аорган, аҭагылазаашьақәа зегьы иазҧхьагәаҭаны, аконкреттә ҭагылазаашьақәа раан иашьашәалоу аӡбара аднакылоит.