Апарламент аиҳабыра реилазаара ҿыц шьақәнарҕәҕәеит
Апарламент аиҳабыра реилазаара ҿыц шьақәнарҕәҕәеит

Қырҭтәыла апарламент, апленартә аилатәараҿы Қырҭтәыла аиҳабыреи аиҳабыратә программеи агәрагара рзаанарҧшит.

Аминистрцәа реилазаараҿы аминистр ҿыцк дыҟоуп  — Гоча Лорҭқиҧаниӡе, иара аиустициа аминистрс дҟарҵеит.

Егьырҭ аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ҧсахрак рымамкәа ишьақәырҕәҕәоуп. Лымкаала:

арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр  — Маиа Цқьитишвили;

аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  — Вахтанг Гомелаури;

аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр — Наҭиа Турнава;

адәныҟатәи аусқәа рминистр —  Давиҭ Залкалиани;

афинансқәа рминистр  —  Иване Маҷавариани;

аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рминистр  — Михаил Чхенкели;

аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рминистр  — Екатерина Тикараӡе;

аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистр  — Леван Давиҭашвили;

атәылахьчара аминистр  — Иракли Ҕарибашвили;

аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр  — Ҭеа Ахвледиани.