Апарламент адеокупациеи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵареи иазку арезолиуциа аднакылеит
Апарламент изаамҭаным асессиаҿы, 91ҩык адепутатцәа рбыжьқәа рыла, атәыла адеокупациеи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵареи иазку арезолиуциа шьақәдырҕәҕәеит.
Арезолиуциа апроект аҧшьаргеит апарламент ахантәаҩы Кахабер Куҷавеи, апарламент ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Вольскии, апарламент авице-спикер Арчил Ҭалакваӡеи, адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡеи. Адокумент аиқәыршәара иалахәын аполитикатә партиақәа.
Арезолиуциа шьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы шамоу атәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи, аҭынчмҩала аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи, ахҵәацәа шәарҭада рырхынҳәреи.
Иара убас, арезолиуциа, Урыстәыла ала Қырҭтәылатәи арегионқәа — Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалареи, арҭ арегионқәа раннекциа иазку ашьаҿақәеи ирықәыӡбоит. Адокумент ала ақырҭуа аган Урыстәылатәи афедерациахь ааҧхьара ҟарҵоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рдеокупациеи, абарҭ арегионқәа закәандарала рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара аҧыхреи, аетникатә ашьаҭала амчылареи ацәгьауреи аҟәыҵреи, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы конструктивла алахәызаареи азы.
Арезолиуциа ала, Қырҭтәыла апарламент жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟанаҵоит Урыстәыла ала ампыҵахалареи аннексиеи аполитика амҩаҧгара иадҳәаланы иаку апозициа аадырҧшырц. Ақырҭуа аган даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит жәларбжьаратәи азакәанҧҵаратә органқәеи Европа Ахеилак Апарламенттә ассамблеиеи рҟны абри ахырхарҭала интенсивла аусеицура анагӡара ишазыхиоу.