Апарламент ааԥынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада Салме Зурабишвили апарламент аҿы аҳасабырбала дықәгылароуп. Арегламент иазыԥхьагәаҭаны, ааԥынтәи асессиа актәи апленартә аилатәара аҽны, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иазкы азҵаара хадақәа рыла ахада есышықәсатәи аҳасабырбала дықәгылоит.
Азакәанԥҵаратә аиҿкаара ахада лықәгылара арыцхә иазкны ахада ладминистрациаҟны аконсультциақәа мҩаԥнагоит.
Арегламент ала, ахада лықәгылара ашьҭахь афаркциақәа рхантәаҩцәа ажәа рырҭоит. Афракциақәа рхантәаҩцәа рықәгылара жәаминуҭк нагӡоит, рықәгылара ашьҭахь ахада аихшьаалатә ақәгылара лымуоп.
Ҵыԥх Қырҭтәыла ахада апарламент аҿы мшаԥы 9 рзы дықәгылеит.