Апараӡиудо | Чикоиӡе Европа дачемпионуп, Қырҭтәыла еизга жәмедальк амоуп #1TVSPORT
Апараӡиудо | Чикоиӡе Европа дачемпионуп, Қырҭтәыла еизга жәмедальк амоуп #1TVSPORT

Қарҭ апараӡиудоистцәа Европатәи рчемпионат мҩаԥысуеит.  Реваз Чикоиӡе (+95 кг) иахьа ахьтәы медаль иоуит. Лаша Ҟизилашвили (-95 кг ) – аџьазтә медаль.

Аҳәса рыбжьара +70 кг акатегориаҿ Инга Қалдани ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит.

Ачемпионат ҩымш ирылагӡаны ақырҭуа спортсменцәа ахьтәы х-медальки, араҿнытә ҩ-медальки, аџьазтә х-медальки рымоуп.

Уаҵәы, цәыббра 21 рзы агәыԥтә аицлабрақәа мҩаԥгахоит.