Аоппозициатә партиақәа апарламент изаамҭаным аилатәарашҟа аҧыза-министр иааҧхьаразы аҳәара иқәдыргылеит
Аоппозициатә партиақәа апарламент изаамҭаным аилатәарашҟа аҧыза-министр иааҧхьаразы аҳәара иқәдыргылеит

Аоппозициатә партиақәа апарламент изаамҭаным аилатәараҿы  аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили изыӡырҩыр рҭахуп.

Аоппозициаа атәыла ахада Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟарҵеит жәабран 25 рзы апарламент изаамҭаным аилатәара амҩаҧгаразы. Дара абарҭ азҵаарақәа рылацәажәара ргәы иҭоуп:

  1. Украина имҩаҧысуа аибашьреи, агеополитикатә ҭагылазаашьеи, Қырҭтәыла апозициеи иазкны аҧыза-министр азыӡырҩра;
  2. Украина аҵакырадгьыл аҿы урыстәылатәи арратә агрессиа ақәыӡбареи, Украина ацхраареи, Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи.

Атәыла ахада Саломе Зурабишвили изаамҭаным аилатәара ааҧхьара дақәшаҳаҭхеит.