Аоппозициатә депутатцәа Нато Чхеиӡеи Ростом Чхеиӡеи апарламентаҿ аполитикатә гәыҧ еиҿыркаауеит

17:42, 22.06.2023

Аоппозициатә депутатцәа Нато Чхеиӡеи  Ростом Чхеиӡеи апарламентаҿ аполитикатә гәыҧ еиҿыркаауеит. Рполитикатә гәыҧ ахьӡуп  «Ахақәиҭра», уи арегистрациа азҵаара иахәаҧшуеит рашәара 23 рзы имҩаҧысуа апленартә аилатәараҿы.

Нато Чхеиӡеи Ростом Чхеиӡеи афракциа «Амилаҭтә ҵысра» иалахәын. Дара зыӡбахәы ҳәоу афракциа иалҵит  Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак иӡбаҩцәам алахәылацәа ралхра адгылара ашьҭахь.

Еиԥшу