Аоппозициа ахаҭарнакцәа  Саломе Зурабишвили илҧылеит
Аоппозициа ахаҭарнакцәа  Саломе Зурабишвили илҧылеит

Аоппозициа ахаҭарнакцәа Орбелианиаа рханаҿ Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили илҧылеит. Иахьа Саломе Зурабишвили апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәылацәа Наҭиа  Мезвришвилии Анна Буҷукурии, апартиа  «Лело» алахәылацәа Саломе Самадашвилии Хаҭиа  Деканоиӡеи дырҧылеит.

Аоппозициатә депутатцәа рҳәамҭала, аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара азҵаара. Дара ишазгәарҭаз ала, аиҧылара мҩаҧган Қырҭтәыла ахада лыҧшьгарала.

Саломе Самадашвили ишылҳәаз ала, атәыла ахада аиҳабыра рыла аусеиҵеиҟьара  даараӡа даргәамҵуеит, аурыс гәахәтәы нагӡара амҭакәа атәыла акандидат астатус аиуратәы мҩак лыҧшаар лҭахуп.

«Аиҧылараҿы ишубарҭаз ала, атәыла ахада ари азҵаара даараӡа даргәамҵуеит. Ганкахьала, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа иаартны иҳарҳәеит  аполиткиатә ганахьала ари амҩа шаарту, егьи аганахьала  – Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара  акандидат астатус аиура апроцесс иаҧырхагахар рҭахуп.  Анапхгаратә гәыҧ излагаз аимпичмент апроцессгьы абри ауп изызку», — илҳәеит  Саломе Самадашвили.