Аоперациа ҷыда аан иршьыз ахаҿқәа рыҧсыбаҩқәа аекспертиза абиуро ашҟа иаргеит
Аоперациа ҷыда аан иршьыз ахаҿқәа рыҧсыбаҩқәа аекспертиза абиуро ашҟа иаргеит

Қарҭ, Абер Габриел сало имҩаҿ имҩаҧгаз аоперациа ҷыда аан иршьыз ахаҿқәа рыҧсыбаҩқәа Аекспертиза амилаҭтә биуро ашҟа иаргеит.

Актәи аканал ажурналист ишааицҳауа ала, иҭахаз ахаҿқәа рыҧсыбаҩқәа Леван Самхараули ихьӡ зхоу аӡбаратә експертиза амилаҭтә биуро ашҟа иаргеит.

Абер Габриел салос имҩаҿ, аоперациа ҷыда ахьымҩаҧгаз аҭыҧаҿ азакәанхьчаҩцәеи аексперт кримминалистцәеи аус руеит.

Актәи аканал ажурналист ишааицхауа ала, аҭыҧ аҿы амобилизациа рзууп апатрультә полициа хаҭарнакцәеи, агәыҧ ҷыда аусузҩцәеи.

Аполициa aусзуҩцәa aри aҭыҧ дыркын, aҩнуҵҟa aӡәгьы днaрышьҭуaм.

Абер Габриел салос имҩаҿ аоперациа ҷыда абҵара 22 рзы мҩаҧган.

Аоперациа ҷыда аан дҭахеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩк. Ихәрақәа роуит амаҵзура ҷыда ҩыџьа аусзуҩцәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҩыџьа ахаҭарнакцәеи. Урҭ ргәабзиара ашәарҭа ҭагылам.

Ацәгьауцәа ргәыҧ алахәылак даанкылоуп, хҩык аҭыҧ аҿы аликвидациа рзыруит.

Аоперациа ҷыдаан аҧынч уааҧсыра аахақәа рмоуит.

Аоперациа ҷыдаан азарал зауз ауааҧсыра рзы аус ауеит ацәаҳәа шшы – 2 375029, 599 537040, 2 722222.

Абер Габриел имҩаҿ аоперациа ҷыда алагеит абҵара 22 рзы. Аҭыҧ аҿы аҧжәареи ахысбжьи гон.

04:00 сааҭ рзы ауааҧсыра ревакуациа маҧысит.

Абер Габриел салос имҩаҿ аоперациа ҷыда мҩаҧнагеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аконтртеррористтә департамент.