Аолимпиадаҿы аҵәы аршәразы араӡынтә медаль занашьаз Саида Гәынԥҳа 59 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит
Аолимпиадаҿы аҵәы аршәразы араӡынтә медаль занашьаз Саида Гәынԥҳа 59 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит

1980 шықәсазтәи Аолимпиадаҿы аҵәы аршәразы араӡынтә медаль занашьаз Саида Гәынԥҳа 59 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит.

Саида Каҧаса-иҧҳа Гәынба диит август 30 1959 шықәсазы Аҟәа. 1981 шықәсaзы дaлгеит Қырҭтәылa aфизикультурa aинститут. Саида Гәынԥҳа атлетика лас ахь днеиит 1974 шықәса рзы. Зыҟаҵаҩцәас илыман Илиа Гигаурии Михаил Каракеиани.

1980 шықәсазы Москватәи аолимпиадаҿы аҩбатәи аҭыҧ лгеит, аҵәы 67,76 метра илыршәит. 1978 шықәса рзы СССР ачемпионка. 1979 шықәса рзы – СССР жәлар аԥхынтәи рспартакиада ачемпионка.