Аолимпиада аиҿкааҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭа  - Ҳара ахаангьы иарбанзаалак арелигиатә гәыҧ  аҳаҭыр аларҟәра хықәкыс иҳамамызт, аартра ацеремониаҿы анычҳара ааҳарҧшыр ҳҭахын
Аолимпиада аиҿкааҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭа  - Ҳара ахаангьы иарбанзаалак арелигиатә гәыҧ  аҳаҭыр аларҟәра хықәкыс иҳамамызт, аартра ацеремониаҿы анычҳара ааҳарҧшыр ҳҭахын

 

Парижтәи Аолимпиада аиҿкааҩцәа  аҭамзаара шьҭарҵеит, избанзар, Аолимпиада аартра ацеремониаҿ асценақәа руакы – «Ачаражәра» ашьҭахь ахәаҧшцәа агәынамӡара аадырҧшит.  Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

«Ҳара ахаангьы иарбанзаалак арелигиатә гәыҧ  аҳаҭыр аларҟәра хықәкыс иҳамамызт. Аартра ацеремониаҿы анычҳара ааҳааҧшыр ҳҭахын. Ари ахықәкы наҳагӡеит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ауаа ум хьымӡҕыс ирыҧхьаӡазар,  ҳгәы иалоуп», — иҳәеит Парижтәи аолимпиада апресс-маӡаныҟәгаҩ  Анн Дескамп.

Аартра ацеремониа асахьаркыратә напхгаҩы Том Жолли иҳәамҭала, иара арелигиа аҳаҭыр  аларҟәра игәы иҭамызт.

«Ҳара ахкырацәара ҳалацәажәар ҳҭахын. Ахкырацәара  – аицыҟазаароуп иаанаго», — иҳәеит Жолли.