Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан

Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Венгриа аҧыза-министр  Виктор Орбан. Венгриа аҧыза-министр дицуп иҧҳәыс  – Анико Леваи. 

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Венгриа аҧыза-министр иҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Илиа Дарчиашвилии, Венгриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Ҭамар Лилуашвилии, Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ  Ана Мариа Шикои. Виктор Орбан Қырҭтәыла даҭааит аделегациа иманы. 

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Виктор Орбани Иракли Ҕарибашвили ишиашо аформатаҿ еиҧылоит. Иара убас, имҩаҧысуеит Қырҭтәыла-Венгриатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара, уи анеҩс, аганқәа рхаҭарнакцәа амеморанадум рыбжьарҵоит. 

Қырҭтәылеи Венгриеи рҧыза-министрцәа амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.