Аофициалтә дыррақәа рыла, цәыббра 13 рзы Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 507 986-ҩык
Цәыббра 13 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 507 986-ҩык ауааҧсыра, – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 14 703-ҩык. Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 946 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 4 351-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 48-ҩык.