Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 326 033-ҩык, цәыббра 5 рзы алаҵа рзыҟаҵан 16 298-ҩык
Цәыббра 6 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 326 033-ҩык ауааҧсыра, – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 16 298-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 845 420-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 29.6%, аҩ дозак рзыҟаҵоуп 480 613-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 16.8%.
Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 1 120 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 4 905-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 61-ҩык.