Цәыббра 4 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 314 104-ҩык ауааҧсыра, – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 22 733-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 362 608-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 29,4%, аҩ дозак рзыҟаҵоуп 475 748-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 16.7%.
Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 2 210 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 5 587-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 74-ҩык.